Print this page
02.Лаҵара.2025

Ар рԥыза, Аԥсны Афырхаҵа, Ахьӡ-аԥша I аҩаӡара аорден занашьоу аинрал-леитенант Сергеи Дбар иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы лаҵарамза 2 рзы 79 шықәса ихыҵуан.

Аҟәа. Лаҵарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, Ар рԥыза, Аԥсны Афырхаҵа, Ахьӡ-аԥша I аҩаӡара аорден занашьоу аинрал-леитенант Сергеи Дбар  иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы лаҵарамза 2 рзы 79 шықәса ихыҵуан.  Иара идунеи иԥсахит 2002 шықәса рзы, 56 шықәса дшырҭагылаз.

Аибашьрақәа зегьы ицәырыргоит ахатә фырхацәеи ар рыԥхьагылаҩцәеи. Убас иагьыҟалеит 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьрагьы. Араҟа арратә ус аҿы илаз аҟыбаҩ зеиӷьаҟам ала иааирԥшит Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб Хада аиҳабы Сергеи Платон-иԥа Дбар.   

Атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭара, Арбџьармчқәа рыруаа иахьа Аԥсны Афырхаҵа ҳаҭырла дыргәаладыршәеит, Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы игылоу уи ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Лаҵарамза 2, 1946 шықәсазы Мгәыӡырхәа ақыҭан диит заб игәараҭа еснагь иҭҭәааз, зхәыҷра ашықәсқәа ақыҭаҿы изхызгаз, еснагь аччареи ахәмарреи згымыз, зшьапы зыжәлар рԥеиԥш азы иеихызгаз, зцәажәара, зхәыцра, змилаҭ рҭоурых иузаҟәымҭхо иадызҳәалоз, Аԥсны ашәарҭа ианҭагылоз зыбжьы аӷьеҩҳәа изыргоз, ҳарбџьармчқәа ҵәатәы шьаҟаны ирыҵагылаз аибашьҩы-аинрал, Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Платон-иԥа Дбар.

1963 шықәсазы иара Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ далгеит, уи ашьҭахь дхәыҷы аахыс ҩызас имаз В. Д. Ҭарбеи иареи Азербаиџьантәи ССР Иреиҳаӡоу Асовет ахьӡ зху Бақәатәи иреиҳаӡоу азеиԥш арратә ҵараиурҭа иҭалеит. 1968 шықәсазы уи қәҿиарала ихиркәшеит, авзводи, аротеи, абаталиони ркомандирс дыҟан. 1972 шықәсазы Баикалнҭыҵтәи арратә округ арота акомандҟаҵаҩыс ддәықәҵан, уи ашьҭахь  амотохысратә баталион акомандаҟаҵаҩыс, ахыԥсаҟьага-артиллериатә батареиа акомандаҟаҵаҩыс дыҟан. 1977 – 1979 шш.  Германиа асовет архәҭақәа реилазаараҿы абаталион акомандаҟаҵаҩ иаҳасабала арратә маҵзура дахысуан. 1979 ш. Фрунзе ихьӡ зху Арратә академиа азыӡырҩыс дыҟан, Аеҵәа ҟаԥшь аорденқәа дыркавалерын, Германиеи, Венгриеи, Ефиопиеи реиҳабыратә ҳамҭақәа ианаршьахьан, Аԥсны аиҳабыра иҟарҵаз аҳәарала, 1990 шықәсазы Сергеи Дбар арратә комиссарс дҟаҵан. Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра ианалага инаркны уи Аҟәа ахьчара напхгара аиҭон.

14 нанҳәамза, 1992 шықәса рзы Аџьынџьтәылатәи еибашьра аналага актәи амш, еиҳа ииашаны иуҳәаозар раԥхьатәи асааҭқәа инадыркны  – С.П. Дбар Аҟәа ақалақь Ацҳа Ҟаԥшь аҿы ахырӷәӷәарҭа напхгара аиҭон.

Нанҳәамза анҵәамҭазы, 1992 шықәсазы Афронт Гәымсҭа аӡиас ахь ианиас ашьҭахь, аполковник  Сергеи Дбар Бзыԥтәи ахырӷәӷәарҭатә ҳәаа аштаб еиҳабыс дарҭеи.т Жьҭаарамза  1 – 6, 1992 шықәса рзы Гагра ахақәиҭтәра напхгара азиуан, уи қәҿиарала ианхыркәшаха, Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭа акомандаҟаҵаҩыс далхын. Иара икомандҟаҵарала  анаҩстәи ажәыларатә операциақәа рыпланҟаҵара мҩаԥысуан. Раԥхьаҟа иара изыԥшын Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра иазкыз 1-тәи Шьроматәи (абҵарамза 3-4, 1992 ш.) ажәылара, Ианартәии Марттәии ажәыларақәа (1993 ш.)  Ирықәымҿиаз ажәыларақәа иара игәы канамыжьит, игәазыҳәара хнамҽит. Иара илшон ӷәӷәала алкаа иашақәа рыҟаҵара. Анаҩс лаҵарамза 21, 1993 шықәса рзы Аԥсны Арбџьармчқәа реиҭеиҿкаара ианалага, Сергеи Платон-иԥа Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб Хада аиҳабыс дҟарҵеит, иара иааирԥшыз агәаӷьреи агәымшәареи рзы аинрал-маиор ҳәа арратә хьӡы ианашьан. Анаҩс иара иалахәхарала аплан шьақәыргылан, қәҿиаралагьы имҩаԥган аԥсуа-қырҭуатә еибашьра аҿы аиҭасымҭатә аамҭахәҭаны иҟалаз Ииултәи ажәыларатә операциа.   Ари аоперациа аан иара иааирԥшит афырхаҵареи агәымшәареи реиԥш аибашьра адәаҿы архәҭақәа ҟазарыла ркомандаҟаҵара азы илаз аҟыбаҩгьы. Нанҳәамза анҵәамҭазы аинралцәа Сергеи Платон-иԥа икабинет аҿы игылаз астол иқәыз ахсаала ду активла аус адулара иалагеит. Абжьааԥны Сулҭан Асламбеқ-иԥа Сосналиев дгылан, ахсаалаҿы џьара акыр дырбауа, Сергеи Платон-иԥа иакәар уи адыргақәеи арбагақәеи аиҭон. Есхәылбыҽха арахь даауан атәыла Адҵаҟаҵаҩ Хада Владислав Григори-иԥа Арӡынба, нас дара ахсаала иахәаԥшны анаҩстәи рус анагӡашьа иалацәажәон. Цәыббрамза 16 рзы иалагеит аҩ-фронтк – Гәымсҭатәии Мрагыларатәи рҿы аԥснытәи ар ихадароу ажәылара. Уи ҩымш шагыз ауп сара дара Аҟәеи Аԥсны зегьы ахақәиҭтәра иазку ажәыларатә операциа ду ишалацәажәоз анеилыскаа. Аиашазы, уи инҭырҳәцааны аус зыдулаз, аԥснытәи ар реиҳабацәа ҩыџьа еиқәдыршәаз, анаҩс дара рнапхгаралагьы аибашьра адәаҿы инагӡази аплан акәын.  Ашьыжь, асааҭ 10 рзы аинралцәа аҩыџьагьы  – Сулҭан Сосналиеви Сергеи Дбари Гәымсҭатәи афронт ахь ицеит, араҟа асааҭ 13 рзы мҽхакыҭбаала ажәыларатә операциа алагеит.  

Мрагыларатәи афронт аҿы шьыжьы инаркны аполковник Мираб Кьышьмариа инапхгарала ажәыларақәа мҩаԥысуан. Цәыббратәи ажәыларатә операциа аҿы аинрал Сергеи Дбар хаҭала аладантәии алада-мраҭашәарантәии Аҟәа ақалақь ахь ижәылоз Гәымсҭатәи афронт армарахьтәи афланг архәҭақәа дрыцын.  Иара ҟазарыла архәҭақәа ркомандаҟаҵара мҩаԥигон; араҟа ҷыдала иаарԥшхеит иара илаз ара рԥызара аҟыбаҩ. Хымԥахьаӡаралеи бџьарлеи рыла еиҳаз аӷа ирхәҭақәа Аҟәа ааныжьны имцар ада ԥсыхәа рмоуит.  С. П. Дбар аруаа дрыцны Егры аӡиас ала Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҟынӡа днаӡеит.

Аибашьра ашьҭахь Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб Хада аиҳабы, аинрал-маиор Сергеи Дбар иусура иреиҳаӡоу ахәшьара арҭеит. Ԥхынҷкәынмза  30, 1993 шықәса рзы Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Дбар Сергеи Платон-иԥа «аинрал-леитенант» ҳәа арратә хьӡы ианашьаразы  иҷыдоу ақәҵара аднакылоит. Уи абас ала аформулировка ацын: «Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәеи аӷа импыҵакыз Аԥсны аҵакыреи рҭарцәра азы қәҿиарала арратә операциа амҩаԥгаразы». Цәыббрамза 27, 1994 шықәса рзы – Ареспублика Аԥсны ахьчараан ҷыдала иааирԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы С. П. Дбар  «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ихҵан.

Аибашьрашьҭахьтәи аамҭа азы аинрал-леитенант С. Дбар Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы иусура иациҵоит. Уи Лаҭа ақыҭа ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра иазкыз аоперациа аиҿкаареи амҩаԥгареи активла ихы алаирхәан. (хәажәкырамза, 1994 ш.), Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан (30.08.1995 ш.).

Рашәарамза, 1996 ш. аинрал-леитенант С. Дбар «Тәанчара ацара инамаданы» ҳәа афомулировка ацны арратә маҵзура аанижьуеит. Иара убри ашықәсан, ԥхынгәымзазы арратә зҵаарақәа рзы Ареспублика Аԥсны Ахада иабжьгаҩыс дҟалоит.  Ԥхынгәымза, 2001 шықәса рзы иара ари амаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәхоит аштат аиҵатәра инамаданы. Аха иаарласны, жьҭаарамза, 2001 шықәсазы Кәыдрытәи аҩхаа аҿы иҟалаз ахҭысқәа инарымаданы, иара Аҩадатәи архәҭақәа ргәыԥ акомандаҟаҵаҩыс дҟарҵоит. Хәажәкырамза, 2002  шықәса рзы С. П. Дбар Оҭҳаратәи алхратә Ҭыԥхада № 13 ала Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатс далххоит.  Апарламент иара Аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс далнахуеит.

 С. П. Дбар арратә усзуҩ адагьы аҳәынҭқарратә усзуҩысгьы дыҟан. Иара активла атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара ихы алаирхәуан, аибашьра аветеранцәа ринтересқәа рыхьчаразы дгылан. Хәажәкырамза 31, 1999 шықәсазы имҩаԥысыз 1-тәи аизара Ду аҿы аветеранцәа иара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра (1992-1993 шш.) аветеранцәа еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаара «Амцахара» ахантәаҩыс  далырхит. Иара ари амаҵураҿы даанхеит 2001 шықәсазы ари аиҿкаара ауаажәларра-политикатә еиҿкаараны ианеиҭашьақәыргылаха ашьҭахьгьы.

Рашәарамза 27, 2002 шықәсазы  Сергеи Платон-иԥа Дбар иԥсҭазаара ҿахҵәеит. Лаҵарамза, 2005 шықәса рзы атәыла анапхгара С. П. Дбар иааԥсара ахәшьара ҳаракы аҭаны уи ԥсрашьҭахь «Ахьӡ-Аԥша» актәи аҩаӡара аорден ианаршьеит. Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаԥшь  инапы зҵаиҩыз  уи азы Аусԥҟа аҿы С.П.Дбар «Ахьӡ-Аԥша» аорден «1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы илагала ду азы ианашьоуп» ҳәа иануп. Аҟәа ақалақь амҩаду хадақәа руак, ԥыхьатәи Гоголь имҩа уажәы аинрал Сергеи Дбар ихьӡ ахуп. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи  иара ихьӡ ахҵоуп. С.П.Дбар иџьазтә биуст шьақәыргылоуп Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы. Аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа ишәҟәы «1992-1993 шш. аԥсуа-қырҭуатә еибашьра» аҟынтәи аматериалқәа рыла.

 

 

 

 

 


Read 50 times