«Шәара шәфестиваль арҿиаратә диалог азы, иара убас ахьӡ ҿыцқәа раартразы акрызҵазкуа аԥшьгароуп. Ҳара ҳзы гәадуроуп жәларбжьаратәи аренаҟны ҳахьӡ ахьҭышәго, аҿар реиҵааӡара ауси иареи еидбаланы», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Алиса Гыцба Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит лаҧшьгарақәа ириҭо азҿлымҳареи ахаҵгылареи рзы.
«Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳапроектқәа шәахьрыдгыло азы. Сара сзы акраҵанакуеит Аԥсны акультура аҿиара аус исылшо ала ацхаара, уи жәларбжьаратәи аренаҟны ацәыргара", - ҳәа иазгәалҭеит Гыцԥҳа Алиса.