Print this page
29.Мшаҧы.2025

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа афорум «Аҭынха ду — еицаҳзеиԥшу аԥеиԥш» ахы аланархәит.

Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥымза 28 рзы ақалақь-фырхаҵа Волгоград аҿы аусура иалагеит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазку Жәларбжьаратәи афорум «Аҭынха ду — еицаҳзеиԥшу аԥеиԥш».

Уи ахы аланархәуеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟоу апарламент аделегациа.

Иахьа, мшаԥымза 29 рзы афорум аусура хацыркхеит Волгоград иҭахаз аибашьцәа рашҭаҿы Иҿымцәаауа амца аркрала. Ихыркәшахеит аҳаҭыртә хьчаҩцәа рротеи арратә оркестри рымҩасралеи Александр Невски ихьӡ зху Аныхабаа аҵәҵәабжьқәа ргаралеи.

Иара убас иахьа имҩаԥысит афорум апленартә еилатәара. Афорум апленартә еилатәара ааиртит Белоруссиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә еизара ахада, Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володин.

Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба «Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа агәалашәара» ала ажәахә ҟаиҵеит. 

 

 


Read 235 times - Ахаша, 30 Мшаҧы 2025 21:02