Print this page
29.Мшаҧы.2025

Аԥснытәи аспортсмен Aлмас Габуниа Москва имҩаԥысыз адомино азы аицлабрақәа рҿы ачемпионс дҟалеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса, мшаԥымза 25 - 28 рзы Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь Москва имҩаԥысуан  домино азы II Урыстәыла Ачемпионат.

Ари зыхьӡ нагоу аицлабра рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи, иара убас Ареспублика Белоруси, Ареспублика Аԥсни рҟынтәи 150-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа. Аԥснытәи аспортсменцәа Ачемпионат рхы аладырхәит Аԥсны адомино Афедерациа ҩызас иҟоу Урыстәыла домино Афедерациа апрезидент Борис Борзови Афедерациа апрезидент ихаҭыԥуаҩ  Алеқсеи Кончакови рааԥхьарала.

Адомино азы аҟәатәи акоманда ахаҭарнакцәа Урыстәыла Ачемпионат аҿы зеиӷьаҟам алҵшәақәа аадырԥшит. Алмас Габуниа, аԥснытәи акоманда алахәыла, актәи аҭыԥ ааникылеит, иара убри ала иарбоу адисциплина аҿы 2025-тәи Урыстәыла Ачемпионат дачемпионхеит. Алмас Габуниа иара убас ааигәа имҩаԥысыз адомино азы Аԥсны ачемпионат афиналистс дҟалеит. Владислав Касланӡиа  ахәбатәи аҭыԥ ааникылеит, Ҭеимураз Лакербаиа атурнир хиркәшеит ажәабатәи аҭыԥ ала.

Арҭ аихьӡарақәа Аԥсны аспорт хкы аҳасабала адомино аҿиара аҿы лагала дууп, уи иара убас иарбоу аусхкы аҿы жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәара иацхрауеит.


Read 153 times