Print this page
28.Мшаҧы.2025

Аҟәантәи ақәԥаҩцәа ҿарацәа Ставрополь имҩаԥысыз атурнир STAV-OPEN аҿы аԥхьахәқәа ргеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аспортсменцәа 2010-2017шш. рзы ииз арԥарцәа рыбжьара имҩаԥысуаз зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Иаарту Арегионбжьаратәи атурнир STAV-OPEN аҿы араӡны медалқәа ҩбеи аџьаз медалқәа фбеи ргара рылшеит. Атурнир мҩԥысуан мшаԥымза 26 – 27 рзы Ставрополь ақалақь аҿы.

Аицлабрақәа зынӡа рхы аладырхәит 395-ҩык аспортсменцәа. Аҟәатәи акоманда аҳҭнықалақь Ахадара аҿари аспорти Русбарҭа зхы иақәиҭу аиқәԥара азы асекциа ааӡамҭацәа рыла ишьақәгылан.

Атурнир араӡнытә аԥхьахәқәа ргеит: зыкапантә категориа 52 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара – Гәыблиа Данаҭ; зыкапантә категориа 46 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара – Попков Данаҭ.

Аџьазтә аԥхьахәгаҩцәа: Какәыбаа Нестор (акапантә категориа 41 кь.), Гогиа Ника (акапантә категориа 46 кь.), Маршьан Дамир (акапантә категориа 35 кь.), Кәыркәнаа Сандро (акапантә категориа 24 кь.), Василенко Дамир (акапантә категори 22 кь.), Қаԥба Алан (акапантә категориа 60 кь.).

Ақәԥаҩцәа аицлабрақәа иазыҟарҵеит азыҟаҵаҩцәа Баграт Ԥандариа, Инал Бобуа, Исмаил Џьопуа, Гьаргь Адлеиба.

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 


Read 298 times