Print this page
25.Мшаҧы.2025

Ашәарҭадаразы аинтерактивтә урок мҩаԥыргеит Очамчыратәи ашколхәыҷқәа рзы.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны амчратә усбарҭақәа Рассоциациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи аҵара Аминистрреи рыцхыраарала Очамчыра ақалақь аҿы ашәарҭадаразы аинтерактивтә урок мҩаԥнагеит.  

Ашколхәыҷқәа лабҿаба ирбеит есыҽны дара ршәарҭадара зыхьчо ауаа аус шыруа атәы.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны анырра аҟаҵаразы Иҷыдоу аотриад ахаҭарнакцәа аҟазара-акласс мҩаԥыргеит: аруаа ахәыҷқәа иддырбеит рыррамаҭәа, ацәгьоуцәа раанкыларазы имҩаԥырго ауснагӡатәқәак, акәылӡкьаҿқәа рышәҵаны игәарҭеит.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахаҭарнакцәа еиуеиԥшым иҷыдалкаау аҭагылазаашьақәа раан ахымҩаԥгашьас иҟаҵатәу, раԥхьатәи амедицинатә цхыраара шыҟаҵатәу, иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҿы ашәара шаҭахым, уҳәа атәы еиҭарҳәеит.

Аҵыхәтәантәи аҿазыҟаҵара мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа ақалақь аҿы. Араҟа иазԥхьагәаҭоуп еиҳа инарҭбаау ақәгыларақәа. Ашколхәыҷқәа ирылшоит афырхацәа рабадырра, рыҿцәажәара, азҵаарақәа рыҭара. 

 

 


Read 194 times