Иарбоу ачымазара зыхьыз ауаа ирфаз ирҩоу аԥсыӡ рԥырхагахеит ҳәа раԥхьа ицәырҵыз аверсиа уажәазы ишьақәырӷәӷәаӡам, агәаҭарақәа мҩаԥысуеит, алабораториатә ҭҵаарақәа ҟарҵоит. Асанитартә-епидемиологиатә Станциа агәаҭарақәа ирыцҵахоит.
Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра ӷәӷәала абжьагара ҟанаҵоит аконсервациа зызуу акәаци аԥсыӡи раалыҵқәа, иара убасгьы иҳауадоу аалыҵқәа раахәараан, урҭ зҭоу еибгоума, иҭчааума, аҿҳәара цахьоу имцацу ирыхәаԥшларц.
Аботулизм ҳәа изышьҭоу аинфекциа аҳауаҿы иҟоу ацәыкәбарқәа рыла еиҭаҵӡом, зхаҭабзиара бааԥсу ачыс анырфалак мацара ауп уи ачымазара анцәырҵо.