Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицура аҟәша аиҳабы Џьемал Бганба аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа адырра рнаҭоит, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵаз, ҩ-тәылауаҩрак аиура азҵаарақәа рыӡбаразы аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра иахьа инаркны амчра шаиуа. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа азхьанарԥшуеит аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа инарықәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәыла атәылауаҩра аиура ирмариоу апроцедурала иахысырц азы Урыстәыла Ахада Иусԥҟа шьаҭаны ишыҟоу.
Урыстәылатәи аган аҟынтәи иҳауз адыррақәа рыла, Аусԥҟа апроект Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭеи атәыла Анапхгареи рҿы ашьақәырӷәӷәара аетапқәа ирхысуеит, аамҭа кьаҿк иалагӡаны, анапаҵаҩра азыԥхьагәаҭоуп.
Иарбоу Аусԥҟа Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәыла атәылауаҩра роура апроцедура марианы иҭышәыннартәалоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа ианаамҭоу адырра рынаҭоит – Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра роуразы иазгәаҭахо аԥҟарақәеи аҭагылазаашьақәеи рзы.