Print this page
24.Мшаҧы.2025

Аԥсны акультура аминистрра Владислав Арӡынба изку иреиӷьу амузыкатә усумҭазы аицлабра алԥшааратә тур алагара рыланаҳәеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура аминистрра Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба изку иреиӷьу амузыкатә усумҭазы аицлабра алԥшааратә тур алагара рыланаҳәеит.

Аицлабра рхы аладырхәыр рылшоит апрофессионалтә композиторцәа реиԥш амузыка абзиабаҩцәагьы. Ирыдыркылоит џьаргьы инармыгӡац аоригиналтә вокалтә композициақәа.

Аусумҭақәа жьҭаарамза 1, 2025 шықәса аҟынӡа аелектронтә цҳамҭа ала инашьҭызар ҟалоит, мамзаргьы хаҭала акультура Амнистрра ахь инаргар алшоит.

Аиааира згаз – амузыкеи ажәақәеи равторцәеи анагӡаҩи аԥаратә ҳамҭақәеи адипломқәеи ранашьахоит, иреиӷьу арҿиамҭақәа Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ишықәс ахыркәшаратә усмҩаԥгатә аан инарыгӡоит.

Аӡбаҩцәа реилазаара апрофессионалтә музыкантцәа рыла ишьақәгылазаауеит.

2025 шықәса ареспубликаҿы Владислав  Арӡынба ишықәсны ирылаҳәоуп. Аконкурс Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкны атәылаҿы имҩаԥысуа агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаахоит.  

Аконкурс ахықәкы — иналукааша аполитикатәи аҳәынҭқарратәи аусзуҩ, аҵарауаҩ ду, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, «Ахьӡ-Аԥша» I аҩаӡара аорден занашьоу, Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба ихьӡ анаунагӡатәра ауп.  

Владислав Арӡынба – аҳәынҭқарратә усзуҩ, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада диит 1945 шықәса лаҵара 14 рзы, Аҟәа араион, Алада-Ешыра ақыҭан.

 


Read 180 times