Асааҭ 14:00 рзы Гагра ақалақь аҿы иҟоу Аерманцәа рапостолтә уахәама Сурб Аменапркич аҿы Аԥсны иқәынхо аерманцәа рдоуҳатә анцәамаҵуҩы Тер Седрак (Азнавуриан) иҭахаз рыԥсы арҭынчра иазкны Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥигоит. Анаҩс ауахәама адәаҿы алахьеиқәҵаратә митинг мҩаԥгахоит.
___
Османтәи аимпериа аҿы аерманцәа ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш есышықәса, мшаԥымза 24 рзы иазгәарҭоит.
Османтәи Ҭырқәтәыла аерманцәа хықәкыла рықәхра ХIХ ашәышықәса ахыркәшамҭаз ишалагахьазгьы, мшаԥымза 24 амемориалтә рыцхә аҳасабала алхра машәыршақә иҟамлаӡеит. Ари амш аҽны, 1915 шықәсазы Сҭампыл ақалақь аҿы иаанкылан, анаҩс ишьын 800-ҩык аерман интеллигенциа ахаҭарнакцәа. Убас, зеиҳарак усҟан Мраҭашәаратәи Ермантәыла иқәынхоз аерман жәлар аентеллектуалтә елита рӷьырак рыԥхеит. Уи инашьҭархны аерманцәа рышьреи рхырҵәареи иадҳәалаз ахҭысқәа лассы-ласы иҟало иалагеит. Уи анаҩс аерманцәа Ргеноцид ҳәа ахьӡ аиуит.
Традициала ари амш аҽны миллионҩыла аерманцәеи урҭ ргәырҩа рыцеиҩызшо адунеи егьырҭ атәылақәа рҟынтәи ажәларқәа рхаҭарнакцәеи 1,5 миллион-ҩык рҟынӡа, усҟан адунеи зегьы иқәырхо аерманцәа зегьы рхыԥхьаӡара аҟынтәи абжаҩык рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз агеноцид иалаӡыз ргәаладыршәоит.
Еиқәханы иаанхеит мацара Урыстәылатәи аимпериа аерманцәеи егьырҭ ахԥатәи атәылақәа рахь ицаз аерманцәа-ахҵәацәеи.
Есышықәса ари амш аҽны Ереван ақалақь аҿы шә-нызықьҩыла ауаа амемориалтә хәы ахь ихаланы Иҿымцәаауа амца амҵан атиульпанқәеи аҟәышәҭынқәеи арашәҭқәеи шьҭарҵоит.
Аерманцәа ргеноцид азхазҵаз атәылақәа рахь иаҵанакуеит Австриа, Аргентина, Ермантәыла, Бельгиа, Болгариа, Боливиа, Бразилиа, Ватикан, Венесуела, Германиа, Бырзентәыла, Италиа, Канада, Кипр, Латвиа, Ливан, Ливиа, Литва, Лиуксембург, Нидерланды, Парагваи, Польша, Португалиа, Урыстәыла, Шьамтәыла, Словакиа, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Уругваи, Франциа, Чехиа, Чили, Швеицариа, Швециа. Аерманцәа ргеноцид азхарҵеит Европа Ахеилак, Европатәи Апарламент, амилаҭ маҷқәа рыхьчареи рдискриминациа аԥхьырҟәҟәаареи рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Акомиссиаеиҵа, Адунеизегьтәи ауахәамақәа Рхеилак, Аладатәи Америка атәылақәа Рпарламенттә коалициа, Лаҭынтәи Америка Апарламент.
Аерман жәлар рҭоурых аҟны итрагедиатәу арыцхә мшаԥымза 24 – агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш ауп. Адевиз «Иаҳгәалашәоит адҵагьы ықәҳаргылоит» раԥхьаӡа акәны иҟаҵан 2015 шықәсазы, аерманцәа ргеноцид 100-шықәса ахыҵра амш аҽны. Иара убасҟан Аермантә Апостолтә Уахәама ала ари ацәгьоура хлымӡаах иалаӡыз рканонркра мҩаԥган.