Print this page
02.Мшаҧы.2025

Лаша Ашәба Ареспублика Ҭаҭарсҭан аделегациа идикылеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Ахада имаҵура ахагылара ацеремониа алахәхаразы иааз Ареспублика Ҭаҭарсҭан аделегациа идикылеит, ҳәа адырра ҟанҵоит Жәлар Реихара-Апарламент аофициалтә саит.

Ҭаҭарсҭанынтәи Аԥсныҟа иааит Марат Ахметов – Ареспублика Ҭаҭарсҭан Аҳәынҭқарратә Совет ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Камиль Нугаев – Ареспублика Ҭаҭарсҭан Аҳәынҭқарратә Совет абиуџьети ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы акомитет ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ.  

Аиԥылара иара убас ихы алаирхәит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашоҭ Миносиан.  

Адепутатцәа Ареспублика Аԥсни Ареспублика Ҭаҭарсҭани рыбжьара аусеицура абжьаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Аганқәа гәахәрыла иазгәарҭеит абар шьҭа ҩажәижәаба шықәса раахыс ареспубликақәа рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аизыҟазаашьақәа қәҿиарала аҿиара ишаҿу.

Лаша Ашәба Мараҭ Ахметов иҭабуп ҳәа еиҳәеит Ҭаҭарсҭан Аԥсны ианаҭо ацхыраара азы, ахәҭакахьала уажәы имҩаԥысуа ареспублика асоциалтә обиектқәа реиҭашьақәыргылара аҿы Ҭаҭарсҭан хра злоу алахәхара азы.


Read 295 times - Ахаша, 09 Мшаҧы 2025 16:18