Print this page
02.Мшаҧы.2025

Бадра Гәынба иахьа официалла Аҳәынҭқарра Ахада имаҵура дахагылоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Бадра Гәынба официалла Аҳәынҭқарра Ахада имаҵура дахагылоит.

Аҳәынҭқарра Ахада инаугурациа мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа ақалақь, Анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс азал Ду аҿы.  Аусмҩаԥгатә алагоит асааҭ 12:00. Ацеремониа рхы аладырхәуеит Аԥсны азакәанԥҵаратә, анагӡаратә, аӡбаратә мчра ахаҭарнакцәа, Алхратә комиссиа Хада алахәылацәа, хыԥхьаӡара рацәала асасцәа.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә аҿы ажәахә ҟаиҵоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба. Анаҩс  аныҳәатә церемониа аҿы ҿыц иалху Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ареспублика Аконституциа инапы ақәҵаны аԥсуа бызшәала «аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәгылареи ижәлар реизҳазыӷьареи рзы имч-илша, идыррақәа зегьы дшамеигӡо» азы ижәлар рҿаԥхьа ҭоуба иуеит. Бадра Гәынба ҭоуба иуеит ԥхьаҟатәи иусура аҿы Ареспублика Аԥсны азакәанқәеи Аԥсны Аконституциеи дшақәныҟәало, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи, Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи, уи ажәларбжьаратә хыдҵақәеи рынагӡашьа дшырхылаԥшло азы.

Аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь иадырҳәоит Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә гимн. Абри ашьҭахь Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра инапы иаиркуеит амчра атрибутқәа:  аҳәынҭқарратә герб асахьеи «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада» ҳәа аҩыреи зну амҳәыр, аштандарт, Аҳәынҭқарра Ахада Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Хада иаҳасабала инаигӡо ароль аазырԥшуа аҳәа, аԥсуа лабашьа.

Аԥсуа телехәаԥшра ареспублика Ахада имаҵура иахагылара иадҳәалоу ацеремониа аҟынтәи ишиашо ицо аефир мҩаԥнагалоит.

Аҭоубашьҭаҵара анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада еизаз рҿаԥхьа иааркьаҿны ажәахә ҟаҵо дықәгылоит.

Мшаԥымза 1 рзы имҩаԥгазаиҭалхрақәа реихшьаалақәа рыла, Бадра Гәынба  алхрақәа зхы алазырхәыр рҟынтәи  54,73% иоуит.


Read 224 times - Аҩаша, 08 Мшаҧы 2025 16:00