Print this page
28.Цәыббра.2022

АԤСНЫ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АҞНЫ АТӘЫЛА АҨНЫҴҞА ИШЬАҚӘГЫЛАЗ АЕПИДЕМИОЛОГИАТӘ ҬАГЫЛАЗААШЬЕИ АҲҬНЫҚАЛАҚЬ АМЕДИЦИНАТӘ УСБАРҬАҚӘА РУСУРЕИ ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аҟәа ақалақь амедицинатә усбарҭақәа рҳақьым хадацәа алархәны аиԥылара мҩаԥигеит.

Аиԥылараҿы ирылацәажәеит атәыла аҩныҵҟа ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи иара убас аҳҭнықалақь аҿы ирласу амедицинатә цхыраара аусуреи, Ареспубликатә ахәыҷтәы хәышәтәырҭеи Аҟәа ақалақь аинфекциатә хәышәтәырҭеи русура иадҳхәалоу азҵаарақәа жәпакы.  

Аҳақьымцәа иазгәарҭеит иааизакны акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз рхыԥхьаӡара аиҵахара ишалагаз, COVID-19 злаҽыз ачымазаҩцәа, ахәыҷқәагьы уахь иналаҵаны, Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада ахь рнагара иадҳәалоу аусура шымҩаԥысуа иалацәажәеит, амедицинатә персонал разымхара шыҟоу азгәарҭеит, иара убас ахәышәтәырҭақәа инацҵаны аиқәыршәагақәеи ирласу амедицинатә цхыраара амашьынақәеи рыла аиқәыршәара азҵаарагьы иалацәажәеит.

Едуард Быҭәба COVID-19 злаҽыз ачымазцәа Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭахь рнагара аганахьала амедусбарҭақәа рыбжьара аусеицуреи аимадареи арӷәӷәареи, иара убас ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы аҳақьымцәа разымхара азҵаара излауа ала ирласны аӡбареи рзы анапынҵақәа ҟаиҵеит.  

 

 


Read 453 times - Аԥшьаша, 29 Цәыббра 2022 16:13