Print this page
28.Цәыббра.2022

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА ДЫРԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқандр Анқәаб иахьа Апарламент адепутатцәа Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба, Кан Кәарҷиа, Левон Галустиан, абиуџьеҭи акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь, Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа дырԥыло   Аҟәа араион абиџьеҭ ашьақәыргылара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы дрылацәажәеит.

Аиԥылара аҿы адепутатцәа абиуџьеҭтә зҵаарақәак рзы ргәаанагарақәа рҳәеит, урҭ атәыла афинансқәа рминистр иҟынӡа инагахоит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Фазлыбеи Аҩӡба, Кан Кәарҷиа, Левон Галустиан Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәас иалхуп Аҟәатәи араион аҟынтәи.  


Read 456 times - Аԥшьаша, 29 Цәыббра 2022 15:43