Print this page
28.Цәыббра.2022

АԤСНЫТӘИ АҲАЗЫЛХЫҨЦӘА РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА АЗГӘАРҬЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 27 рзы Аҳазылхыҩ Иныҳәамш азгәаҭара инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәа аџьшьара рыҭара иазку аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.

Ацеремониа аҿы адныҳәаларатә ажәахә ҟаҵо дықәгылеит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа. Атәыла Ахада ихьӡала Аԥсны Аҳазылхратә Еилакы анапхгараҭареи хаҭалатәи аилазаареи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр  Владимир Делба.  

Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә ҳазылхратә Маҵзура анапхгара ахьӡала  аԥснытәи аҳазылхыҩцәа дрыдныҳәалеит  Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә ҳазылхратә Маҵзура ахаҭарнак Константин Козлов.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа ала, иҿырԥшыганы амаҵзуратә ҭакԥхықәра анагӡареи иҳараку азанааҭдырра аҩаӡареи, Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономикатә шәарҭадара алыршареи аекономикатә интересқәа рыхьчареи рзы хаҭалатәи рлагала азы, «Аҳазылхратә маҵзура иҿырԥшыгоу аусзуҩ» ҳәа агәышԥытә дырга ранашьахеит ԥшьҩык Аилакы аусзуҩцәа.  

Аԥсны аекономикатә шәарҭадара алыршареи аекономикатә интересқәа рыхьчареи рҿы иааирԥшыз хра злоу аусура азы аӡәы ианашьахеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә Маҵзура Ҳаҭыр зқәу аузуҩ» ҳәа агәышԥытә дырга.  

Изаамҭанытәиу иҷыдоу ахьӡқәа ранашьахеит ааҩык аусзуҩцәа. Ахылаԥшырҭатә ҳамҭақәа ранашьахеит ҩынҩажәи жәохәҩык Аилакы аусзуҩцәа.  Аҳаҭыртә шәҟәқәа рыҭахеит ҩажәи жәеизаҩык Аилакы аусзуҩцәа.


Read 403 times - Аԥшьаша, 29 Цәыббра 2022 12:51