Print this page
15.Хәажәкыр.2025

Аҟәа ақалақь аҿы аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ажәылара аҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа  ақалақь аҿы Марттәи ажәылараан иҭахаз Аԥсны аҵеицәа ргәаладыршәеит .

Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы абаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.  Ацеремониа иалахәын Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Беслан Бигәаа, аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аминистрцәа реилазаара ахаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа, аветеранцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа.

 


Read 3265 times