Print this page
сегодня 21:50

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра урыстәылауаа Аԥсны раҭаара аанкыларазы иҟанаҵахьаз абжьгарақәа аԥнахит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра урыстәылауаа Аԥсны раҭаара аанкыларазы иҟанаҵахьаз абжьгарақәа аԥнахит.

2024 шықәса абҵарамза 15 рзы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра абжьгара ҟанаҵеит аҩнуҵҟатәи аполитикатә кризис инамаданы, урыстәылауаа Аԥсныҟа аныҟәарақәа рҽырцәырхьчаларц, атуристтә ныҟәарақәагьы уахь иналаҵаны.

Жәабранмза 15, хәажәкырамза  1 рзы Аԥсны имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа актәии аҩбатәи атурқәа.  Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа алҵшәақәа рыла Бадра Гәынба аҳәынҭқарра Ахадас далхуп, хәажәкыра 3 рзы Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡарахь дхынҳәит, мшаԥы 2 рзы имҩаԥысраны иҟоу аҭоубашьҭаҵаратә усмҩаԥгатә иҽазыҟаиҵоит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Ахада иалхрақәа ирыхҟьаны атәылаҿы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара инамаданы, урыстәылауаа Аԥсныҟа аныҟәарақәа рҽырцәырхьчаларазы иҟанаҵахьаз абжьгарақәа аԥнахит.

«Москва ирдыруеит иахьатәи аамҭазы ​​Аԥсны аҭагылазаашьа шҭышәынтәалоуп. Москвеи Аҟәеи еицхырааны ареспубликаҿы атуристцәа маншәаларыла рыҟазааразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иаҿуп. Арахь иаҵанакуеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи, аушьҭратә ҭыԥ «Адлер» арҭбаареи, аҭыԥантәи ахәшәтәырҭатә усбарҭақәа рылшарақәа реизырҳареи, азинхьчаратә усбарҭақәа русеицура аҿиареи», ҳәа иаҳәоит Урыстәыла Адхәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәамҭ аҿы.

Аԥсны аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара ҳасаб азуны, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра хыхь зыӡбахә ҳәаз абжьгарақәа аԥнахуеит.

«Аԥсныҟа ацара зҭаху аурысцәа рыгәҭакқәа рынагӡара иалагар рылшоит», - ҳәа иаҳәоит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра амассатә информациа ахархәагақәа рзы иҟанаҵаз аҳәамҭа  атекст аҿы.

 

 


Read 58 times - Ахәаша, 14 Хәажәкыр 2025 15:33