Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҳәынҭқарратә хықәкытә программа «Анхарҭа 2023-2025шш.» анагӡара азы апрограмма шьақәнарӷәӷәеит.
Апрограмма «Анхарҭа» аҽҳәара даҽа хышықәса рҟынӡа иацҵахар алшоит.
Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба иажәақәа рыла, атәыла аиҳабыра ари аԥшьгамҭа аҳәынҭқарра ахада идыргалоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Ахықәкытә программа «Анхарҭа 2023-2025» анагӡаразы зынӡа 180 миллион мааҭ азоужьуп, есышықәса 60-60 миллион.
Апрограмма ала иалкаауп афинанстә цхыраара еиҳауи еиҵоуи анаӡаратә ҩаӡарақәа. Еиҳау анаӡаратә ҩаӡара – 1,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, еиҵоу анаӡаратә ҩаӡара – 700 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
2024 шықәсазы ирыхәаԥшит 88 арзаҳал, урҭ рахьынтә 32-ҩык алахәылацәа рарзаҳалқәа рыдыркылеит, 32-ҩык иахьазы анхарҭақәа аархәахьеит. Уи иақәхарџьыз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 30 млн. 400 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.