Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара 2024 шықәсазы ареспубликатә биуџьет анагӡара азы аҳасабырба шьақәнарӷәӷәеит.
Аҳасабырба адгалара мҩаԥигеит афинансқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Саид Гәыбаз.
Ареспубликатә биуџьет анагӡара ахашәалахәқәа рыла 15,7 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аныхтәқәа рыла – 16,2 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Ареспубликатә биуџьет адефицит 530 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афинанстә цхыраара – 3,7 млрд. маҭ рҟынӡа инаӡоит.
2024 шықәсазы ахатәы хашәалахәқәа 12 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡон, уи 2023 шықәса иаҿырԥшны 2,2 млрд. мааҭ рыла еиҳауп.