«Ҳара гәахәарыла иҳадаҳкылеит Аԥсныҟа шәаара, ҳаҳҭнықалақь аҿы шәбара ҳаигәырӷьоит. Еиуеиԥшым ахырхарҭақәа – асоциалтә блок, аекономика, аҿартә политика, уҳәа рыла ҳақалақьқәа еиҳа еизааигәазтәуа анаҩстәи ҳусеицура алацәажәара ҳазхиоуп», - ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.
Тамбовтәи аобласт Анпхгара аппарат анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Валери Карасиов, ихәҭаала ҳаԥхьаҟа аҩганктәи аусеицура аперспективра ду аҵоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Тамбовтәи аобласт Ахадареи аҟәатәи рколлегацәеи 2025 шықәсазы еицынарыгӡараны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рыплан еиқәдыршәеит. Ишьақәырӷәӷәоуп 2025 шықәсазы еицынарыгӡо ауснагӡатәқәа рплан. Уахь иаҵанакуеит аҭҵаара-практикатә конференциеи, ахәыҷқәа рыбжьара аҟазаратә еицлабрақәеи, афотоцәыргақәҵақәеи, аспорттә еицлабрақәеи рымҩаԥгара, Аиааира Ду 80 шықәса ахыҵра азгәаҭареи, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.
Иара убас аганқәа ақыҭанхамҩеи, атуризми, аҵарадырреи рхырхарҭақәа рыла аусеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит.
«Сынтәа имҩаԥаагараны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рапроект ҳадгылоит. Сара сгәаанагарала ҳара ҳаԥхьаҟа хра злоу ҳусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳапланқәа рыцҵареи рынагӡареи алҳаршоит», - ҳәа иҳәеит Валерии Карасиов.
Тамбовтәи аобласт аекономикатәии аинвестициатәи аполитика аминистр ихаҭыԥуаҩ Ольга Камнева иҿыцу
ахырхарҭақәа, ахәҭакахьала аграртә усхкы аҿы аусеицура далацәажәеит.
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа ахәаахәҭратә усеицура арҭбаара Тамбов аџьармыкьақәа рҿы ицәыргахо асубтропикатә аалыҵ ахкқәа рыцҵара алнаршоит ҳәа иазгәеиҭеит. Иара убас атуристтә усхкы аҿы мҽхкы ҭбаала аусура алшарақәа ыҟоуп, араҟагьы урыстәылатәи атуристцәа радыԥхьаларазы атуристтә агентрақәа русура акыр аанагоит ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Аиԥылараҿы иазгәаҭан акыр шықәса раахыс Тамбовтәи аобласти Аҟәеи аҵарадырреи акультуреи русхкқәа рҿы аусеицура шрыбжьоу. Аҳҭнықалақь Ахадара аҵареи акультуреи Русбарҭа анапхгаҩцәа урыстәылатәи аган иҟанаҵо ацхырааразы иҭабуп рҳәеит. 2025 шықәсазгьы инарҭбаау аусеицуратә план шьақәыргылоуп.