2025 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет 17,8 миллиард мааҭ артәоит. Убас:
– ахашәалахәқәа рыла – 17 млрд. 789 млн. 365,9 нызықь мааҭ;
– аныхтәқәа рыла – 18 млрд. 783 млн. 917,8 нызықь мааҭ;
– аҳәынҭқарратә биуџьет адефицит артәоит – 994 млн. 551,9 нызықь мааҭ.
2025 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет артәоит:
– ахашәалахәқәа рыла – 13 млрд. 575 млн. 856,6 нызықь мааҭ;
– аныхтәқәа рыла – 14 млрд. 570 млн. 408,5 нызықь мааҭ;
– ареспубликатә биуџьет адефицит иартәоит– 994 млн. 551,9 нызықь мааҭ.
2025 шықәсазы Урыстәыла Аԥсны ианаҭо афинанстә цхыраара амҽхак еилкаауп:
4 млрд. 62 млн 775,5 мааҭ – Урыстәылатәи афинанстә цхыраара Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иазырхоуп.
1,2 млрд. мааҭ — 2023-2025шш. Аинвестициатә программа анагӡара иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа ирзырхоуп.
100 миллионки 500 мааҭ — 2022-2025 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аекономика аусхкқәа рыцхрааразы аҳәынҭқарратә программа иазырхоуп.
Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи абиуџьетбжьаратәи атрансферт 162 млн. 200 нызықь мааҭи рыла иацҵоуп. Убас:
– Гәдоуҭа араион абиуџьет азы – 20 млн. мааҭ рыла;
– Гәылрыԥшь араион абиуџьет азы – 7 млн. 200 нызықь мааҭ рыла;
– Очамчыра араион абиуџьет азы – 59 млн. мааҭ рыла (урҭ рахьынтә 30 млн. мааҭ Очамчыра ақалақь 9-тәи араион аҿы автомҩа аиҭашьақәыргыларазы иазоужьхоит);
– Ҭҟәарчал араион абиуџьет азы – 36 млн. мааҭ;
– Аҟәа ақалақь абиуџьет азы – 40 млн. мааҭ.
Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргыларазы Аусбарҭа аиҭашьақәыргылара-ргыларатә усурақәа рзы ахарџьқәа 350 млн. мааҭ рыла иацҵоуп.
Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭқарратә Усбарҭа ахарџьқәа 6 млн. 800 мааҭ рыла иацҵоуп, урҭ рахьынтә – 1 млн. мааҭ Аҟәатәи абааш изаамҭанытәиу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы иазоужьхоит.
Акьыба чымазарақәа змоу раарԥшра азы ауааԥсыра рдиспансеризациа азы иазԥхьагәаҭаз агәабзиарахьчара Аминистрра ахарџьқәа 57 млн. мааҭ рыла иагырхоуп.
Агәабзиарахьчара Аминистрра азы ахарџьқәа 57 млн. мааҭ рыла иацҵоуп, урҭ рахьынтә ауааԥсыра акоронавирусттә ҿкы чымазара рацәыхьчара иазку аусмҩаԥгатәқәа рзы – 35 млн. мааҭ; агәабзиарахьчара иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа рзы – 22 млн. мааҭ.
Ареспублика Аԥсны аимадареи амассатә коммуникациақәеи ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аелектронтә усшәҟыеикәыршара апрограмма анагӡаразы ахарџьқәа 16 млн. мааҭ рыла иацҵоуп.
Аекономика Аминистрра имаҷуи ибжьаратәуи аусжкылара аобиектқәа рыҿиареи русуреи ауааԥсыра усурала реиқәыршәареи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазырханы афинанстә цхыраара аҟаҵаразы ахарџьқәа 100 млн. мааҭ рыла иацҵоуп, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭратә Хаҭарнакра адгылара аҭара азы – 500 нызықь мааҭ азоужьхоит.
Анаукақәа Ракадемиа асистема аныҟәгаразы ахарџьқәа 18 млн. мааҭ рыла иацҵоуп. Убас:
– Аҳәынҭқарратә Усбарҭа Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа иатәу Аҟәатәи Афизика-техникатә Институт («СФТИ» АНА). – 10 млн. мааҭ;
– Аҳәынҭқарратә Усбарҭа Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа иатәу Аексперименталтә патологиеи атерапиеи рзы Аҭҵаара-дырратә Институт («ИЭПиТ») – б млн. 500нызықь мааҭ;
– Аҳәынҭқарратә Усбарҭа Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа иатәу Аԥснытәи Агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут (АбИГИ) – 1 млн. 500 нызықь мааҭ.
Аекологиа азы Аҳәынҭқарратә Еилкы ахыбраҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшаразы иазоужьхо ахарџьқәа 3 млн. 500 нызықь мааҭ рыла иацҵоуп.
Абнатә нхамҩа азы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахыбраҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшаразы иазоужьхо ахарџьқәа 3 млн. 600 нызықь мааҭ рыла иацҵоуп.
Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аныҟәгаразы ахарџьқәа 11 млн. мааҭ рыла иацҵоуп.
Аҵара Аминистрра ахарџьқәа 4 млн. 862нызықь мааҭ рыла иацҵоуп. Убас:
– Аппарат азы – 4 млн. мааҭ;
– Гагратәи алицеи-интернат азы – 482 нызықь мааҭ;
– Ажурнал «Ашколи аԥстазаареи» аредакциа азы – 200 нызықь мааҭ.
– Ашәҟәыҩцәа Рассоциациа азы – 180 нызықь мааҭ.
Амилаҭтә сахьатә галереиа ахарџьқәа 3 млн. мааҭ рыда иагырхоуп.
Акультура Аминистрра аусмҩԥгатәқәа рымҩаԥгаразы ахарџьқәа 3 млн. мааҭ рыла иацҵоуп.
Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилкы аспорттә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы ахарџьқәа 5 млн. мааҭ рыла иацҵоуп.
Алхратә комиссиа Хада Апрезидиум алхразы ахарџьқәа 1 млн. 500 мааҭи рыла иацҵоуп.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа ишазгәеиҭаз ала, Аԥсны абиуџьет 2025 шықәсазы иҿыцу аҳазалхратә тарифқәа раԥыхра иахҟьны 500
Уи иажәақәа рыла, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы 2025 шықәсазы абиуџьет иҿыцу аҳазалхратә шәатәқәа ҳасаб азурала ишьақәыргылахеит.
«Иарбоу аҭагылазаашьа инамаданыт ҳара аҳазалхратә шәатәқәа рагырхара аганахьала жәаҩа позициа ркорректировка аҟаҵара ҳасаб азурала ари аӡбамҭа аԥыхразы азҵаара ақәыргылареи ахәаԥшреи рзы аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо иахь ҳнеихьан. Ари аӡбамҭа адкылара залмыршахар, усҟан иарбоу арбагақәа рынагӡара ауӡом. Миллиардбжак инарзынаԥшуа ацәыӡқәа ҟалоит», - ҳәа иҳәеит Алиас Лабахәуа.
Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба аӡынтәи аамҭахәҭазы афымцамч азымхара абиуџьет аҿы афымцамч анҭыҵынтәи аашьҭра ахәԥса азԥхьагәаҭара ахымԥадатәра аанарԥшуеит, ҳәа иазгәеиҭеит.