Print this page
вчера 13:06

Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Аппарат 2024 шықәсазы аусура азы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы аҳасабырба ҟалҵеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа Аппарат 2024 шықәсазы аусура азы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы аҳасабырба ҟалҵеит.

Лара 2023 шықәсазы Аппарат аусура аихшьаалақәа рыла 2024 шықәсазы аусура еиҳа ихадоу  абарҭ ахырхарҭақәа алкаахеит ҳәа адырра ҟалҵеит: 

  1. Аинформациа-рккаратә усура.
  2. Атәылауаа апсихиатриатә цхыраара рыҭара апроблема.
  3. Ахақәиҭра алахәдаара аҭыԥқәа рҿы амониторинг амҩаԥгара.
  4. Жәларбжьаратәи аусура.
  5. Анаука-ԥышәатә усура.

 

 

 


Read 164 times - Аԥшьаша, 13 Хәажәкыр 2025 17:05