«Иҟоу адыррақәа рыла, ацәгьоуцәа массала ахәыҷқәеи ахбыџқәеи раккаунтқәа еиуеиԥшым аҿыцгақәа ҟаҵаны иаархәоит. Анаҩс апрофиль ихатә дыррақәа рахь анаӡара анзалыршахалак ашьҭахь ацәгьоуцәа аԥара мчыла алхра, мамзаргьы ззин ыҟам аинформациа аларҵәареи хықәкыс иҟаҵаны асоциалтә даҟьа зтәу иуацәеи иҩызцәеи ржьара иалагоит. Иара убас, ас иҟоу асхемақәа ахбыџқәа азин еилазго аусура, адиверсиақәеи атеррористтә актқәеи уахь иналаҵаны ралагалара азы ахархәара аиур алшоит», - ҳәа иазгәаҭоуп ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу иҟалҵаз аҳәамҭа аҿы.
Ахәыҷқәа асоциалтә ҳақәа рҿы рыҟазаара еиҳа ишәарҭаданы аҟаҵаразы, ахәыҷтәы аомбудсмен Иаппарат абарҭ агәҽанҵаратә (ацәыхьчаратә) уснагӡтәқәа нарыгӡарц азы абжьгара ҟанаҵоит:
– Аԥҟарақәа рылацәажәара. Ахәыҷқәа шәрацәажәа асоциалтә ҳақәа ишәарҭаданы ахархәара атемала. Идеилшәыркаа иарбан дыррақәоу зынҵара (заарԥшра) ҟамло, ахатәы информациа ахьчара иахьынӡахымԥадатәиу.
– Аконфиденциалра ашьақәыргылара. Шәрыцхраа шәхәыҷқәа раккаунтқәа рҿы ииашаны априватра апараметрқәа рышьақәыргылара. Игәашәҭ уи ахьынӡеилыркаауа, рпубликациақәеи рхатә дыррақәеи збар зылшо арбану.
– Ашәарҭарақәа рышьақәыргылара. Идшәырҵа шәхәыҷқәа потенциалла ишәарҭазар зылшо аимадарақәа ыҟазар шалшо, ирзымдыруа ауаа рыҿцәажәара, акибербуллинг, агәымхара, уҳәа реиԥш иҟоу ацәырҵрақәа рҽацәырыхьчартә еиԥш адыррақәеи абжьгарақәеи рышәҭ. Ирашәҳә агәҭынчымра рызцәырызго аҭагылазаашьақәа раан дара есымша ацхырааразы ишәыдҵааларц шрылшо, ишымшәаша деилшәыркаа.
– Ахәыҷы асоциалтә ҳақәа рҿы иҟазаара аамҭа ахылаԥшра аҭара алшәырша. Ивертуалтәиу ареалтәиуи аимадара рыбжьара абанәланс аҟаҵара акырӡа аанагоит.
– Аонлаин-репутациа. Ахәыҷқәа идеилшәыркаа аинтернет иану иарбанызаалак аинформациа дара раԥхьаҟа ррепутациа анырра анаҭар ҟалоит. Ахәыҷқәа рпубликациақәа ахҟьа-ԥҟьақәа роур шалшо, уи азхәыцра шаҭаху деилшәыркаа.
– Аартреи агәрагареи. Агәреибагара атфосфера шьақәшәыргыл. Ахәыҷқәа рцәаныррақәеи рхәыцрақәеи рыгәҭыхақәеи ртәы шәаҳәара иацәымшәаларц, аинтернет-ҵакыра аҿы ауадаҩрақәа рызцәырҵзар ирымҵәахыртә еиԥш шәыгәра ргаларц шәхымҩаԥгашьала аҭагылазаашьа аԥышәҵар ахәҭоуп.
«Ишәжыруаз: шәара иаашәырԥшуа ахшыҩзышьҭреи аус аҽалархәреи ирыбзоураны шәхәыҷқәа рзы ацифратә дунеи аҿы ицәырҵыр ҟало ашәарҭарақәа рырмаҷра алыршахар ауеит. Шәааи ҳаицхырааны абри ихадоу азҵаара аус адааулап. Ҳхәыҷқәа ршәарҭадареи реизҳазыӷьареи ҳацхраап!» – ҳәа иаҳәоит аҳәамҭа аҿы.