Print this page
12.Хәажәкыр.2025

«Адгьылаҵантәи ааԥынра асимфониа»: Афонҿыцтәи аҳаԥы аҿы акласикатә музыка аконцерт мҩаԥысит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Адгьылаҵантәи ааԥынра асимфониа» – абри ахьӡ аман хәажәкырамза 8 рзы Афонҿыцтәи аҳаԥы аконцерттә зал аҿы имҩаԥысыз аконцерт.

Афонҿыцтәи аҳаԥы адекорациақәа рыбжьара, аидеалтә акустика аҭагылазаашьа змоу аҳаԥҭҵааҩцәа рзал аҿы Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа Нана Черкезиа, Альдона Ҵкуа, Елена Анқәаб, Алхас Ферзба, апианинорҳәаҩы Асҭанда Џьыкрба, атрио «Променад» аклассикатә музыка арҿиамҭақәа нарыгӡеит.

Афотосахьақәа Владимир Попов «Абхазпресс - АРТФ».  


Read 83 times