Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистрра аусзуҩцәа Гагра, Аҟәа, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рҿы амца зыцралаз аҵҩаақәа дырцәеит.
Амцакрақәа макьаназы иҳәаарку аҟазшьа амоуп, аха аҳауа аԥхарра иахҟьаны амцакрақәа рхыԥхьаӡара еизҳар алшоит, насгьы амҽхак ҭбаахар ҟалоит, иҽеим ахҟьаԥҟьақәагьы ахылҿиаар ауеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аԥсаиқәырхаратә хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистрра Аԥсны ауааԥсыра рахь аҳәара ҟанаҵоит, амцаҽацәыхьчара аԥҟарақәа ирықәныҟәарц, ақыҭанхамҩатә дгьылқәа ррыцқьаразы аҵҩаақәа амца рыцрарымҵарц.