Print this page
02.Хәажәкыр.2025

Валентина Матвиенко Бадра Гәынба Аԥсны Ахадас иалхра идылныҳәалеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Валентина Матвиенко Бадра Гәынба Аԥсны Ахадас иалхра идылныҳәалеит.

Урыстәыла Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы инаҵшьны иазгәалҭеит алхрақәа рҿы Гәынба иигаз аиааира ажәлар иара иахь ирымоу агәрагара, напхгаҩык иаҳасабала иҟазшьақәа разхаҵара, идикыло аполитикатә ӡбамҭақәа рзы аҭакԥхықәра аныҟәгара шилшо шаҳаҭра шазнауа.

«Агәра ганы сыҟоуп, Аҳәынҭқарра Ахада иаҳасабала Шәара шәусура иабзоураны амилаҭтә ҳәоуеиқәшәара шыҟало, аҩнуҵҟатәи аполитикатә ҭышәынтәалара шышьақәыргылахо, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалоу апроблемақәа қәнагала рыӡбара ишацхраауа», — ҳәа Иаҳәоит атекст аҿы.

Аԥсны Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур мҩаԥысит. Аиааира игеит Бадра Гәынба, иара иоуит 57% алхыҩцәа рыбжьқәа.

 


Read 112 times - Аҩаша, 11 Хәажәкыр 2025 01:31