Print this page
07.Хәажәкыр.2025

Аҟәа ақалақь, Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҿы Аԥсны Афырхацәа раллеиа ашьаҭа ркит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь,Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҿы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку жәларбжьаратәи акциа «Агәалашәара абаҳча» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Афырхацәа раллеиа ашьаҭа ркит.

Зынӡа еиҭарҳахеит 80-шьапы рҟынӡа азеиҭынҵла, афотиниа, аосмантус, акамелиа, акаллистемон ҵлақәа. Аллеиа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз афырхацәа ргәалашәара иазкуп.

Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба. Уи еизаз дрыдныҳәало Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алахәылацәа ргәалашәара аиқәырхара аҵак ду шамоу азгәеиҭеит:

«Раԥхьа иргыланы ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра. Ари аибашьра иалахәын Асовет Еидгылаҿы аҭынчра ахьчара зхы ақәызҵаз Аԥсны ауааԥсыра. Иахьа ҳара урҭ ргәалашәара ҳацуп, зыбзоурала аринахысгьы аҿиареи аизҳазыӷьареи ҳалшо аибашьцәа дуқәа рыхьӡқәа ҳахьчоит», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.

Иара еизаз иргәалаиршәеит Аԥсны иалҵыз 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа иаҳараку ахьӡ шранаршьаз.

Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара Аԥсны ишьақәыргылоу асовет солдатцәа рфырхаҵара анаунагӡатәра иазку аобиектқәа реиҭашьақәыргылара аганахьала иҟанаҵаз адгылара азы иҭабуп иҳәеит. Иара иазгәеиҭеит иарбоу ацхыраара иабзоураны Лаҵарамза 9 рзы амемориалтә комплексқәа зегьы шеиҭашьақәыргылахо.  

Владислав Ардӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи адиректор Мзиа Беииа, 2025 тәи ашықәс акыр зҵазкуа арыцхә ала иалкаахоит, ари ашықәс азы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш – 80-шықәса ахыҵра азгәарҭоит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.  Асовет жәлар усҟан иаадырԥшыз афырхаҵара, ахацәнымырхара, агәаӷьра ҳаамҭазтәи еиԥш еиҵагылараны иҟоу абиԥарақәа рзы хра злоу ҿырԥшыганы иҟалоит ҳәа илҳәеит.

«Иахьа абраҟа ҳара ҳнапала еиҭаҳҳараны иҟоу аҵиаақәа зегьы , – ари ҳаиҳабацәа рфырхаҵара ҳгәалазыршәо акакәны иҟоуп, уи адгьыл аҿы аԥсҭазаара аҳра аура иасимволуп. Абарҭ аҵлақәа иҳаҩсыз аамҭеи ҳаԥхьаҟатәи аамҭеи реимадара иасимволны иҟалааит», - ҳәа лажәа иацҵо иазгәалҭеит лара.  

Мзииа Беииа иара убас инаҵшьны иазгәалҭеит аҭоурыхтә иашара аиқәырхара иаҵоу аҵакы ахадара, ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа уи арӷәӷәареи аҭоурых аицакра азы аҽазышәарақәа ишырҿагыло азы  агәыӷрагьы аалырԥшит.

Еизаз дрыдныҳәалеит иара убас Урыстәыла Ахада иҟны иҟоу ауаажәларратә проектқәа рзы Аусбарҭа аиҳабы Сергеи Новиков. Уи Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы «Агәалашәара абаҳча» еиԥш иҟоу апатриоттә проектқәа рынагӡара шымҩаԥысуа атәы далацәажәеит.  

Аԥшьаҩы Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху аберҭыԥ ахылаԥшҩы аигумен Игнати Киут убасҵәҟьа еизаз зегьы иааиуа аныҳәа ду, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра аныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аусмҩаԥгатә иара убас рхы аладырхәит ауаажәларратә еиҿкаарақәа, аҵараиурҭақәа рҵаҩцәа.

***

Мҽхакы ҭбаала еиҿкаахо аекологиа-патриоттә акциа «Агәалашәара абаҳча» – есышықәса Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз зегьы ргәалашәара ахьӡала 27 млн. шьапы ҵлақәа реиҭаҳарала имҩаԥысуеит. Акциа асимвол – афырхацәа ргәалашәара аҳаҭыр азы иԥсабаратәу абаҟақәа рцәырҵра – абиԥарақәа рымҭрашьҭрара, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара анаунагӡатәра, иара убас атәыла абнатә беиара аиқәырхареи аиҭашьақәыргылареи иазырхоу ахықәкы нанагӡоит. Есышықәса аԥсабаратә баҟаны иҟоу аҵиаақәа еиҭарҳауеит урыстәыла асубиектқәа зегьы рҿы, иара убас аҳәаанырцәгьы. Акциа амҩаԥгара иалагеижьҭеит хәы-шықәса рыла агәалашәаратә баҳчақәа реиҭаҳара акциа рҽаладырхәхеит 78 адунеи атәылақәа рҟынтәи миллионҩыла хатәгәаԥхарауаа, урҭ еицхырааны еиҭарҳахьеит 130 млн. инареиҳаны агәалашәаратә ҵлақәа.  

Жәларбжьаратәи акциа «Агәалашәара абаҳча», Автономтә Икоммерциатәым Аиҿкаара «Агәалашәара Абаҳча», уоыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара «Аиааира ахатәгәаԥхарауаа», иара убас Аиааира  ар рԥызацәа  ргәалашәара Афонд раԥшьгарала  2020 шықәса раахыс имҩаԥысуеит. Апроект Урыстәыла Ахада В.В. Путин инапынҵала инагӡахоит, уи  2020 шықәсазы Ржевтәи амемориал аҵакыраҿы раԥхьатәи аҵла  еиҭеиҳаит. Акциа мҩаԥысуеит Урыстәыла аԥсабара Аминистрреи абнатә нхамҩа Афедералтә Агентреи алахәхарала амилаҭтә проект «Аекологиатә еизҳазыӷьара» адгылара аҭара ахьӡала имҩаԥысуеит.

 

 

 

 

 


Read 115 times - Ашәахьа, 10 Хәажәкыр 2025 19:29