Ҿыц арра инанагаз аруаа аԥсышәала арратә ҭоуба шьҭарҵеит. Ари ацеремониа рхы аладырхәит ҿыц арра инанагаз аруаа ркомандаҟаҵаҩцәа, рҭаацәа, рыуацәеи рҭынхацәеи, иара убас рҩызцәа.
Арратә ҭоуба шьҭазҵаз ҿыц арра инанагаз аруаа рахь ихы рханы Алхас Жьиба арратә ҭоуба ашьҭҵара амш – дарбанызаалак ахаҵа иԥсҭазаара аҿы акырӡа зҵазкуа мшуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Иара ҿыц арра инанагаз аруаа рҭаацәеи ркомандҟаҵаҩцәеи иҭабуп ҳәа раҳәо, урҭ рырратә уалԥшьа ишахәҭоу ала ҭакԥхықәрала ишынарыгӡо, фырхаҵарыла рыԥсадгьыли рыуаажәлари рхьаԥшымреи рхақәиҭреи рыхьчара шрырдыршо азы агәыӷра шимоу азгәеиҭеит.
Арратә уалԥшьа аҟаҵра ашьҭахь аруаа ирымоу ацәаҳәақәгыларатә ҽазыҟаҵара аадырԥшит, ркомандаҟаҵаҩ идҵақәа нарыгӡеит.