Print this page
08.Хәажәкыр.2025

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра Аԥсны акциа “Шәара шәзы, бзиа иаабо!”мҩаԥнагоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра аусзуҩцәа аволонтиорцәа рыцырхырааны аҳәса Жәларбжьаратәи аҳәса Рымшныҳәа – Хәажәкырамза – 8 рыдырныҳәалеит.

Жәларбжьаратәи аҳәса Рымш – аҳәса есымша иҳарҭо агәыблреи ақьиареи агәцаракреи амчи ахшыҩи ртәы ҳгәалазыршәо акыр зҵазкуа ныҳәоуп. Уи зегьы иҳабжьнагоит аҳәса анреи адгылареи агәцаракреи рыла иаадырԥшуа афырхаҵара азы ҳаҭыр рықәҵара шхымԥадатәиу. Абри аныҳәамш ауп изызкыз акциа «Шәара шәзы, бзиа иаабо!”

Акциа ахықәкы хаданы иҟоуп – аҳәса, аҳәсахәыҷқәа, анацәа, андуцәа агәалаҟазара бзиа рызҭаша агәцаракра  аарԥшра.

Иахьа акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра аусзуҩцәа аволонтиорцәа рыцырхырааны аҳәса, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа – Нонна Мол-оглы, Елена Водзинскаиа, Нонна Дорофеева, амедицинатә усзуҩцәа, иара убас Амҩа-Ԥыԥшратә Маҵзура аусзуҩцәа рыцырхырааны аҳәса-амашьынарныҟәцаҩцәа  Жәларбжьаратәи аҳәса Рымшныҳәа – Хәажәкырамза – 8 рыдырныҳәалеит.

Акциа «Шәара шәзы, бзиа иаабо!” рхы аладырхәит Аԥсны аволонтиорцәа, Аҿари урҭ рҩызцәеи Адунеизегьтәи афестиваль асоциалтә программа «Движения Первых» алахәылацәеи аволонтиорцәеи.

Акции аиҿкаара ахахьы иагеит – Ареспублика Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра. 

 

 

 


Read 993 times