Print this page
08.Хәажәкыр.2025

Лаша Ашәба Хәажәкырамза 8 – Аҳәса рымш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаша Ашәба Хәажәкырамза 8 – Аҳәса рымш азы адныҳәалара ҟаиҵеитАԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Хәажәкырамза 8 – Аҳәса рымш азы аҳәса дрыдныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

Акыр иаԥсоу ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа, ҳҩызцәа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит игәырӷьахәу ааԥын ныҳәа  – Жәларбжьаратәи аҳәса рымш!

Ари аныҳәамш ҷыдала шәара ишәызкуп. Аамҭақәа зегь раан аԥҳәыс символра азылуан анра, адоуҳамч, аҿиара.

Аԥҳәыс лоуп ари адунеи иахьызыгӡо абзиабара, агәыкра, ауаҩы ихӡыӡаара, иеичаҳара, ахаара, аԥшӡара. Лара илхылҵуеит аԥхарра, игәыҟаҵагоу ажәа, афырхаҵара, арҿиара, аизҳазыӷьара ргәы азҭалҵоит лааигәа иҟоу. 

Шәара есқьынгьы ҳҳәынҭқарра аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә ԥсҭазаара агәҭа шәалагылоуп. Шәҟыбаҩ, ишәымоу ахачҳара, аҟәыӷара иабзоураны Шәара ишәылшәыршо џьашьахәуп. 

Акыр иаԥсоу аҳәса! Иҟазааит есқьынгьы шәыҩнаҭақәа рыҟны ахирра,  анасыԥ!

 

 


Read 932 times