Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Қырҭтәыла аизыҟазаашьақәа рҭышәынтәаларазы уажәы аку уашьҭан аку, аха уеизгьы Аԥсны азханаҵароуп, ишакәхалакгьы ҳгәылацәа реалла иҟоу аҭагылазаашьа рыдыркылар акәхоит». Абас ТАСС аинтервиу аҭо иҳәеит ҿыц Аԥсны Ахадас иалырхыз Бадра Гәынба
«Қырҭтәыла акәзар, ҳәарада аԥсуа-қырҭуатә еизыҟазаашьақәа рыӡбаразы ихымԥадатәны иҟоу Қырҭтәыла Аԥсны азхаҵареи, иара убас амч ахархәара мап ацәкра азы азакәантә усшәҟәқәа рнапаҵыҩреи ашьҭахь мацара ауп ианзалыршахо. Ҳара еилаҳкаар ахәҭоуп, Қырҭтәыла аиашазы ас еиԥш ашьаҿақәа рыҟаҵара ишазхиоу. Иахьа аума уаҵәы аума ҳгәылацәа реалла иҟоу аҭагылазаашьа рыдыркылар акәхоит», - ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа ракәзар, Бадра Гәынба иажәақәа рыла, Аԥсни Урыстәылеи аиҩызаратәи аимабзиаратәи – аҭоурыхтә, акультуратә, аекономикатә аизыҟазаашьақәа рыбжьоуп.
«Ҳара ҳзы акырӡа аанагоит ас еиԥш аҟазшьа змоу аизыҟазаашьақәа рацҵара. Ҳара ҳҳәынҭқарра анаҩстәи азхаҵара азҵаарагьы Урыстәылатәи Афедерациа аус ацура аҳәаақәа ирҭагӡаны иӡбахар алшоит, избан акәзар, Урыстәылоуп ҳара иахьа Аԥсны ахьыԥшымра анаҩстәи азхаҵара аганахьала ацхыраареи адгылареи ҳазҭо, уи ҳара ҳзы даара акыр аҵанакуеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.