Ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынбеи Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Беслан Бигәааи, аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалба, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, аполитикатәии ауаажәларратәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа.