Print this page
24.Жәабран.2025

Валери Бганба «Аиааира Адәыӷба» даҭааит.

Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба атәыла анапхгара алахәылацәа ицны Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкны жәабранмза 23 рзы Аҟәаҟа иааз акәырҷыжьқәа ирықәгылоу еиҭаҵуа аинтерактивтә музеи «Аиаира Адәычба» даҭааит.

Аихамҩатә станциа «Аҟәа» аплошьад аҿы аибшьра аамҭазтәи ашәақәа аҳәон, аккордион абжьы гон, иара убас аҭааҩцәа рзы афуршет еиҿкаан.

Аинтерактивтә музеи аҭааҩцәа ирыднагалоит аибашьраан иҟаз афырхаҵаратә хҭысқәа узырдыруа иуникалу аекспонатқәеи амультимедиатә инсталиациақәеи.

Атәыла анапхгара аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи рахь ааԥхьара ҟанаҵоит асовет жәлар Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан иаадырԥшыз афырхаҵара азы аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара иазырхоу ари  апроект иаҭаарц.

 


Read 450 times