Print this page
27.Цәыббра.2022

ДОНБАСС АХӘРА ЗАУЗ АԤСНЫТӘИ ХАТӘГӘАԤХАРАУАА 500- 500 НЫЗЫҚЬ МААҬ РЫЗШӘАХОИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аминистрцәа Реилазаара аҿы хатәгәаԥхарала Донбасс имҩаԥысуа арратә операциа ҷыда иалахәу, ахәра ӷәӷәа зауз Алиас Аҩӡбеи Нарсоу Адлеибеи зныктәи аԥаратә цхыраара рыҭара азы Ақәҵара рыдыркылеит.   

Алиас Аҩӡбеи Нарсоу Адлеибеи  500-500 нызықь мааҭ рызшәахоит.

Уи азы ақәҵара рыдыркылеит цәыббрамза 27 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы.

Аусшәҟәқәа рыдгалара мҩаԥигеит асоциалтә бгаԥса аминистр Руслан Аџьба.


Read 517 times - Аҩаша, 27 Цәыббра 2022 18:38