Print this page
27.Цәыббра.2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АԤСНЫ АҲҬНЫҚАЛАҚЬ АХАҚӘИҬТӘРА АМШ АЗЫ ҲАУААЖӘЛАР ДРЫДНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны  Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш азы ҳауаажәлар дрыдныҳәалеит  

Ҽаанбзиала!  Ишәыдысныҳәалоит иахьатәи аныҳәа.   

1993 шықәса цәыббрамза 27 рзы Аԥсуа ар ҳ-Аҧсадгьыл аҳҭнықалақь аҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит. Ари арыцхә зегьы ҳагәқәа рҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Аҟәа ахы иақәиҭызтәыз ҳҵеицәа рфырхаҵара хашҭшьа амаӡам!

Урҭ ргәымшәареи, иаадырԥшыз ахамеигӡареи ирыбзоураны иахьа Аԥсны ихьыԥшым  Аԥсны  Аҳәынҭқарра аҿиара амҩа иануп.       

Ҳхырхәоит ҳаԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳҵеицәа рыхьӡала. Урҭ рыхьыӡқәа кашәара рықәым, наунагӡа Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа ирнызаауеит.       

 Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!   

Абри аныҳәамш аҽны ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аҭынчра, анасыԥ, ҳаҳҭнықалақь - аизҳазыӷьара.

 


Read 368 times - Аҩаша, 27 Цәыббра 2022 12:45