Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 12 рзы аусуратә визит ала Аҟәаҟа дааит Нижни Новгород ахада Иури Шалабаев. Нижни Новгороди Аҟәеи аиашьаратә қалақьқәоуп. Нижни Новгородтәи аделегациа Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы иҟоуп жәабранмза 11 инаркны.
Иури Шабалин зхадараҿы дыҟоу аделегациа алахәылацәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит.
Аҟәа ақалақь Ахадара ахаҭарнакцәа рыцны аделегациа аҳҭнықалақь аҿы иҟоу С. Пушкин ихьӡ зху ашкол №2 иаҭааит. Асасцәа иара убас иаҭааит «Нижни Новгород ақалақь ала авиртуалтә гид» ҳәа хыс измоу аҵара-рккаратә проект аурок-аӡыргара. Аҟәа ақалақь атәы еиҭазҳәо аиԥш зеиԥшу VR-гид Урыстәылагьы аӡыргара мҩаԥгахоит.
Нижни Новгород ахада иара убас даҭааит ахәыҷбаҳча «Алиас», урыстәылатәи рколлегацәа ашколнӡатәи аҵаратә усбарҭа цхыраарас иарҭарц рылшо аҭыԥаҿы аилкааразы.
Даҽа проект ду аҳҭнықалақь Аҳабла Ҿыц аҿы инагӡахоит, апарк ареконструкциа азы аԥаратә хархәагақәа азоунажьуеит Нижни Новгород ақалақь Ахадара.
Асасцәа иара убас Ф.Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр иаҭааит, Аҟәа аԥшаҳәа аҿы инеиааит, акаҳуажәырҭа «Брехаловка» ахь имҩахыҵит, араҟа урҭ аԥслымӡ ца аҿы иршу зеиӷьаҟам акаҳуа рыдыргалеит.
Анаҩс Аҟәа ақалақь Ахадараҿы Аҟәеи Нижни Новгороди аусеицуразы азԥхьагәаҭаратә хсаалага рыбжьаҵара азы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит.