Валери Бганба Аԥсны абаланс аҿы иҟоу афымцамҩангага ахәҭа аҿы изеиԥшразаалак аусурақәа мҩаԥгазма, имҩаԥгазар, иарбану, насгьы ианбамҩаԥгаз ҳәа азҵаара ықәиргылеит.
«Ишеилкаахаз ала, ақырҭуа ган ала афымцацәаҳәа «Кавкасиони» Егрытәи Аӡфымцатә станциа иаҿыганы Қырҭтәыла аҵакыраҿы иргылаз иҿыцу афымцатә станцеиҵа ахь ииаган. Уажәшьҭа ҳара иарбоу ацәаҳәа ала иарбан фымцалашароу идәықәҵахо аилкаара азы алшара ҳамаӡам», – ҳәа иҳәеит Валери Бганба.
Џьансыхә Нанба иарбоу афымцамҩангага аҿы ус еиԥш аусурақәа рымҩаԥгара атәы зҳәо Аминистрра аҿы изеиԥшразаалак аусшәҟәы ҳәа акгьы ыҟаӡам ҳәа аҭак ҟаиҵеит.
«Ҳара ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аилыргара ҳҽазаҳшәоит, аха рыцҳарас иҟалаз, ҳара аинформациа азы аофициалтә хыҵхырҭақәа ҳамаӡам. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ас еиԥш аӡбамҭа адкылашьас иаиуз, издызкылаз, ианрыдыркылаз, уи зыдҳәалаз, уҳәа аилкааразы», – ҳәа иҳәеит афымцамчи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба.
Валери Бганба зегьы аԥснытәи азакәанқәа ирықәшәо иҟалаанӡа афымцамҩангага «Кавкасиони» ала афымцамч аиагара аԥынгылара хымԥадатәиуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Валери Бганба афымцамҩангагатә цәаҳәа «Кавкасиони» иадҳәалоу аусқәа рҭагылазаашьа аилкааразы иҷыдоу акомиссиа аԥҵара дазхиоуп.
«Ҳара афымцамҩангагатә цәаҳәа «Кавкасиони» ҳцәыӡра иаҿуп ҳәа уҳәар алшоит. Звольтҳараку афымцацәаҳәа ҳара ҳбалакс аҿы иҟоуп, афымцацәаҳәа ашьаҟақәа ҳбаланс аҿы иҟоуп, арахь уԥшыр, ҳара иҳаздырӡом иарбоу афымцамҩангагатә цәаҳәа ала ицо афымцамч амҽхак», – ҳәа иҳәеит Валери Бганба.
Валери Бганба иажәақәа рыла, Аԥсны ари афымцамҩангагацәаҳәа ацәыӡыр, усҟан Шәача џьара авариак ҟалар, Аԥсныҟа Урыстәылантәи афымцамч аашьҭра залыршахаӡом.
«Убри аҟнытә ҳара хымԥада еилаҳкаароуп уаҟа иҟалаҵәҟьаз, ишыҟалаз, насгьы аҭагылазаашьа арҽеиразы иҳалшо. Ҳара азинхьчаратә усбарҭақәа адаҳгалоит, урҭ ари аус еилдыргоит», – ҳәа иҳәеит Валери Бганба.