Print this page
12.Жәабран.2025

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҿы алашарардыргатә маругақәа рԥышәара мҩаԥысит.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҿы ианылашьцоу аамҭазы, мамзаргьы иуадаҩу амшцәгьа аҭагылазаашьа аан аҳаирпланқәа рыдкыларазы ашәарҭадара еиқәзыршәо алашарардыргатә система аԥышәара қәҿиарала имҩаԥысит.

«Аҳаирбаӷәаза аҿы ишьақәыргылоу алашарардыргатә маругақәа жәларбжьаратәи астандартқәа зегьы ирықәшәоит, актәи акатегориа ICAO анормақәа нанагӡоит.  Иарбоу аиқәыршәагақәа ахархәарахь рыдкылара аҳаирбаӷәаза ҽынла еиԥш уахынлагьы, иара убас амшцәгьақәа раан аҳаирпланқәа рыдкыларазы  алшара анаҭоит», — ҳәа иазгәеиҭеит аҳаиртә ныҟәара аиҿкааразы адиректор Хада ихаҭыԥуаҩ Валери Чаплыгин.

Жәабранмза 7, 2025 шықәса рзы аҳаирбаӷәаза иаднакылеит Москвантәи  раԥхьатәи аԥышәатә реис, уи аҳаиртә еимадара аҿы хра злоу шьаҿаны иҟалеит. Раԥхьатәи апассаџьырцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан аԥснытәии урыстәылатәии астудентцәа, иара убас аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҳаирпбаӷәаза «Аҟәа» аиҭашьақәыргылареи ареконструкциеи рзы акоординациатә штаб напхгара азҭоз аполитик Бадра Гәынба.

Аҳаирбаӷәаха аартра азԥхьагәаҭоуп ҳазҭоу ашықәс аԥхынтәи атуристтә сезон аламҭалазы. Уи атәыла аекономикеи атуризми рыҿиаразы иҿыцу алшарақәа аԥнаҵоит.


Read 361 times - Ахаша, 12 Жәабран 2025 20:17