Print this page
26.Цәыббра.2022

АНАРКОТИКАТӘ МАҬӘАШЬАРҚӘА ИЗАКӘАНЫМКӘА РЫИАГАРЕИ РЫҴӘАХРЕИ АФАКТ АԤХЬЫРҞӘҞӘААРА АЛЫРШАХЕИТ.

Аҟәа.  Цәыббрамза  26, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс. Цәыббрамза 23 рзы Аҟәа ақалақь аҿы амилициа аусзуҩцәа Анӡор Бичваиа зыԥсҟы икыз автомашьына ааныркылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Атранспорттә хархәага агәаҭараан аслон аҿы аԥхьатәи атәарҭақәа рыбжьара аҵиаа иалху амаҭәашьар рбеит. Имҩаԥгаз аекспертиза ишьақәнаргылеит уи зыкапан 22 грамм иреиҳау «амарихуана» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьарны ишыҟоу.

Анӡор Бичваиа Аԥсны Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 223, ахәҭа 2 (зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа аахәара, аиагара, аҵәахра) ала ахара идҵоуп. Уи иганахьала аусеилыргара хацыркуп. Аусеилыргара мҩаԥнагалоит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусеилыргаратә ҟәша.

 


Read 394 times - Аԥшьаша, 13 Жьҭаара 2022 16:52