Print this page
10.Жәабран.2025

Аҟәатәи аҭыԥҳацәа аишәатә ԥкьаҭмпыл азы аицлабрақәа «Надежды Кубани» аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аҳәса ркоманда аишәатә ԥкьаҭмпыл азы аицлабрақәа «Надежды Кубани» аҿы қәҿиарала иқәгылеит.

Жәабранмза 4 – 9, 2025 шықәса рзы Краснодартәи атәылаҿацә ақалақь  Славианск-на-Кубани аҿы имҩаԥысуан апрограмма «Урыстәыла аԥеиԥш» («Будущее России») аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкааз аицлабрақәа. Урҭ рхы аладырхәит ақәратә категориақәа ԥшьба ирыҵанакуаз аспортсменцәа: 12 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз, 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз, 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз, иара убас 20 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз.

Аҟәатәи аҳәса ркоманда ибзиаӡаны рхы аадырԥшит, урҭ 14 шықәса зхыҵуа ақәратә категориа иаҵанакуа 11 командак рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ аанкылара рылшеит. Аспортсменцәа азыҟаиҵоит Беслан Карчаа.

 

 


Read 371 times