Print this page
10.Жәабран.2025

Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит ашахматқәа рзы ахәыҷтәы реитингтә еицлабрақәа.

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Анатоли Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҿы 12 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара имҩаԥысит традициала еиҿкаахо ашахматқәа рзы иаарту ареспубликатә ахәыҷтәы реитингттә еицлабрақәа «Алашара – агәыӷра ҿарақәа».

Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Леонид Игноиан (ақ. Аҟәа), Амели Џьениа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥқәа ргеит Даниель Бганба (ақ. Аҟәа), иара убас Дариа Шалина (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа ргеит Кемаль Тос-оглы (ақ. Гагра), иара убас Илариа Саманба (ақ.Гәдоуҭа).

10 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара аиааира ргеит Давид Тҟьебучаа (ақ. Аҟәа), иара убас Емили Гәылариа (ақ.Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥқәа ргеит Георги Кәыҵниа (ақ. Аҟәа), иара убас Александра Гәыргәылиа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Глеб Хьынҭәба (ақ.Гәдоуҭа), иара убас Мирра Хәарцкьиа (ақ. Аҟәа).  


Read 398 times