Print this page
09.Жәабран.2025

Тиумен инхоз Алексеи Берестениов иԥсыбаҩ рыԥшааит иахьа ашьжьымҭан Риҵатәи аиҩхааҿы.

Аҟәа. Жәабранмза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Тиумен инхоз Алексеи Берестениов иԥсыбаҩ рыԥшааит иахьа ашьжьымҭан Риҵатәи аиҩхааҿы Риҵа аӡиахь ицо амҩа 35-тәи акилометр аҿы.

«Уажәтәи адыррақәа рыла, урыстәылауаҩ ацаҟьа далҟьеит», - ҳәа адырра ҟарҵеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура аҿы.

Алексеи Берестениов ажьырныҳәа 31 инаркны Риҵа азааигәара ишьҭан. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ари ахҭыс азы адырра аиуит жәабран 2 рзы. Аԥшаарақәа мҩаԥыргон Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәеи Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аусзуҩцәеи еицхырааны.

Уажәы аиқәырхаҩцәа Риҵатәи аиҩхааҿы иҭахаз Алексеи Берестениов иҭыгара иаҿуп.

Алексеи Берестениов иҭахара инамаданы ашьаусҭҵаара мҩаԥысуеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

 


Read 383 times