Print this page
06.Жәабран.2025

Аспектакль «Аҵыҵындра» аԥхьарбара мҩаԥгахоит жәабранмза 8 рзы Аурыс драматә театр аҿы.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Џьума Аҳәба иажәабжь ала Денис Хусниаров иқәиргылаз аспектакль «Аҵыҵындра» аԥхьарбара мҩаԥысуеит жәабранмза 8 рзы. Аспектакль арежиссиортә лабораториа  аконкурс «Сандро» аҿы аиааира агеит.

Аспектакль аҿы ихадоу арольқәа нарыгӡоит Рубен Депелиан, Мадлена Барцыц, Наталиа Папасқьыр, Анна Гиурегиан.

Ашьаҭақәа рырӡра апроблема, аԥсҭазаараҿы ухатә ҭыԥ аԥшаара, аара ицәырнаго агәҭынчымра, иуқәу ауалԥшьа аилкаара, уҳәа иаарԥшуп апиеса афырхаҵа хада Арзамеҭ ихатә драма аҿы. «Ҳаамҭазтәи аекзистенциалтә   драма» ахәаԥшцәа рҿаԥхьа ицәыргахоит. Актиорцәа рыхәмарра ахәаԥшцәа зегьы ргәаҵанӡа инеиуеит ҳәарада…


Read 214 times - Ашәахьа, 10 Жәабран 2025 04:42