Print this page
26.Цәыббра.2022

ИКЬАҾУ АФЫМЦАЦӘАҲӘАҚӘА РЕИДКЬЫСЛАРА ИАХЬҞЬЕИТ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АКАҲУАЖӘЫРҬА "LE CHALET" АҾЫ ИҞАЛАЗ АБЫЛРА.

Аҟәа.  Цәыббрамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьазы иҟоу адыррақәа рыла, Аҟәа ақалақь акаҳуажәырҭа "Le Сhalet" аҟны иҟалаз амцакра афымцацәаҳәа икьаҿу реидкьыслара иахҟьеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  Иҟалаз ахҭыс иахҟьаны ааха аӡәгьы имоуӡеит.

Иахьа ашьыжьымҭан амца акит И. Коӷониа имҩаҿы игылоу акаҳауажәырҭа "Le Chalet". Аҳҭнықалақь амцарцәара-еиқәырхаратә отриад  амцарцәаҩцәа  08 сааҭи 49 минуҭи рзы адырра шаароузҵәҟьа аҭыԥ ахь инеит. Амца арцәара рхы аладырхәуан амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьба. Амца арцәара алыршахеит.


Read 341 times - Аҩаша, 27 Цәыббра 2022 11:21