Print this page
16.Ажьырныҳәа.2025

Гал ажьырныҳәамза 5 рзы иҭахаз хә-ҩык ахәыҷқәа ргәалашәаразы акциа мҩаԥысит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гал ақалақь аҿы ажьырныҳәамза 5 рзы Папанырхәа ақыҭан иҟалаз абылра иахҟьаны иҭахаз хә-ҩык ахәыҷқәа ргәалашәаразы акциа мҩаԥысит.

Акциа рхы аладырхәит Галтәи абжьаратәи ашкол  №1 аҵаҩцәеи урҭ рҭаацәеи рырҵаҩцәеи. 

Ажьырныҳәамза 5 рзы иҟалаз атрагедиа аҿы иҭахеит хә-ҩык ахәыҷқәа, аиҳәшьцәа Ҷолариаа.  Зегьы иреиҳабыз аӡӷаб илхыҵуан аа-шықәса, зегьы иреиҵбыз  - аамзы ракәын илхыҵуаз.

 

 


Read 624 times