Print this page
16.Ажьырныҳәа.2025

Адгәыр Хәырхәмал – Аԥсны Ахадарахь ахәбатәи акандидат.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, ажьырныҳәамза 16 рзы имҩаԥысит Алхратә комиссиа Хада аилатәара.

Алхратә комиссиа Хада акоммерциатә Банк «Черноморский банк развития» ахантәаҩы Хәырхәмар Адгәыр Владимир-иԥа Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат иаҳасабала ишәҟәҭагалара мҩаԥнагеит.

Хәырхәмал Адгәыр дицны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩыс акандидатс ашәҟәы дҭагалоуп Ҭенгиз Кәытелиа.

Алхратә комиссиа Хада алахәылацәа иара убас еицҿакны Ҭырқәтәыла, ақалақь Сақариа (Адаԥазары) алхратә ҭыԥ аартразы аӡбамҭа рыдыркылеит.


Read 565 times