«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаагьы уахь иналаҵаны, хыԥхьаӡара рацәала ауаа, рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз иҟалаз аҳаирмашәырцәгьа азы ажәабжь гәалсра дула иҳадаҳкылеит зегьы. Аԥсны жәлар рыхьӡала иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи срыдышшылоит, ахәрақәа зауз иаарласны ршьапы ақәгылара рзеиӷьасшьоит», - ҳәа иазгәаҭоуп адышшыларатә телеграмма аҿы.