Print this page
23.Ԥхынҷкәын.2024

Алан Маргиев Вахтанги Голанӡиа иҭаацәа дрыдышшылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент Аиҳабы Алан Маргиев Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба ҭелла диҿцәажәо ихьӡала изаамҭанымкәа трагедиала иҭахаз адепутат Вахтанги Голанӡиа иҭаацәеи Апарламент адепутаттә корпус зегьи дрыдышшыларц азы аҳәара ҟаиҵеит.      

«Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика аҿы аиашьаратә республика Аԥсны ааигәа иҟалаз атрагедиатә хҭыс гәалсра дула ирыдыркылеит. 

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Вахтанги Голанӡиа иҭахара азы ажәабжь хлымӡаах гәалсра дула иҳадаҳкылеит», - ҳәа иҳәеит Алан Маргиев.

Лаша Ашәба аахыҵуаԥстәылатәи иколлега иааирԥшыз агәцаракреи адгылареи рзы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит. 

 

 

 


Read 570 times - Ашәахьа, 23 Ԥхынҷкәын 2024 15:02