Print this page
20.Ԥхынҷкәын.2024

Агәыӡера аҳаблаҿы акритовалиута арҳара азы аппаратқәа ааба рыԥшааит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы имҩаԥгаз апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәа ирыԥшааит амхрагьы мҩаԥыргеит акриптовалиута арҳара иазку амаининг-аппаратқәа ааба. Аиқәыршәагақәа шьақәыргылан Агәыӡера аҳабла, Курчатов имҩала игылоу аҩны № 184 аҿы. Аппаратқәа рыԥшәма - Федонников Виктор Михаил-иԥа иоуп.

Аппаратқәа зегьы аҿыхны Аԥсны Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.  


Read 508 times