Print this page
20.Ԥхынҷкәын.2024

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа адепутат Адгәыр Ҳаразиа иумҭа ацәгьоурақәа ирыҵанакуеит ҳәа алкаа ҟанаҵеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭемыр Шьониа хантәаҩра ззиуаз Лиа Адлеибеи Генри Гамсаниеи злахәыз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рколлегиа  иарку аӡбаратә еилатәара аҿы Ареспублика Аԥсны апрокурор Хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа  Ареспублика Аԥсны ашьаусеиҿкаартә закәанԥҵара инақәыршәаны, адепутат Адгәыр Ҳаразиа иҟаиҵаз иумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт «е», ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи ирыҵанакуеит ҳәа алкаа аиуразы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инаишьҭыз ажәалагала иахәаԥшит.

Аӡбарҭа Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Адгәыр Ҳаразиа иҟаиҵаз иумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт «е», ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи ирыҵанакуеит ҳәа алкаа ҟанаҵеит.

Ареспублика Аԥсны ашьаусеиҿкааратә закәанԥҵара инақәыршәаны, Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат иганахьала ашьаус ахацыркра азы аӡбамҭа идикылоит апрокурор хада Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа хҩык аӡбаҩцәа рыла ишьақәгылоу аколлегиа адепутат иумҭа ацәгьоурақәа ирыҵанакуеит ҳәа иҟанаҵаз алкаа инақәыршәаны, Жәлар Реизара азыразра иманы.

 


Read 566 times